Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 08 ноября 2021 09:53

Аԥсуа-ақырҭуа иформалтәым еиҿцәажәара алахәцәа ражәалагалақәа

administrator
Оцените материал
(0 голосов)

Апандемиа иахҟьаны, ҩышықәса раахыс еиԥҟьаны иҟаз ақырҭуа-аԥсуа иформалтәым аиҿцәажаәарақәа ирылахәз ҩаԥхьа ирылшеит аиқәшәара адискуссиатә ҭыԥ «Лаимҳаус» аҿы, Алада-кавказтәи арегиони, иара убасгьы, инарҭбааны – жәларбжьаратәи аконтексти рҿи иҟалаз аҿыц цәырҵрақәа, ақырҭуа-аԥсуа аимак адинамикаҿы ныррас иҟарҵар алшо аганахьала, ирылацәажәарц азы.

Аиԥылара мҩаԥысит Белград ақалақь аҿы. Аиҿцәажәара ирылахәз анализ рзыруит агәаанагарақәа ридеиа хадарақәа, акыршықәса раахыс ҩганктәи аиҿцәажәарақәа раан иҟаҵаз. Иҟоу аԥышәеи, иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵаз ажәалагалақәеи ирыхәаԥшны, рыхә шьаны, урҭ еиқәдыршәеит акыр ажәалагалақәа ақырҭуа-аԥсуа аконекст аҿы иҭышәынтәалоу аҭынчра алыршара ацхрааразы. Арҭ ажәалагалақәа, жәаҳәарада, иааидкыланы ирыхәаԥштәуп, дара рызкуп аҭынчра апроцесс ашьақәыргалара иалахәу аҭыԥантәии жәларбжьаратәии акторцәа, насгьы араҟа хшыҩзышьҭра рыҭоуп ҷыдала асферақәа ауаа рҭагылазаашьа бааԥсы аиӷьтәра ахьалшо, ақырҭуа-аԥсуа еимакы ахьыӡбам иахҟьаны ишьақәгылаз. Ажәалагалақәа аагоуп ҵаҟа:  

Леимҳаус адискуссиатә платформа алахәцәа ақәгәӷәуеит, иаагоу ажәалагалақәа еиҿагылоу аганқәа руаажәларраҿы, иара убасгьы ҩганкны, мамзаргьы ганрацәалатәи имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа рформатқәа рҿы излацәажәараны иҟоу зҵаарақәахап ҳәа.

Ақырҭуа-аԥсуа аконтекст аҿы, иара убасгьы арегион зегьы азы иҭышәынтәалоу аҭынчреи аҿиареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара

Аибашьра еилгеижьҭеи, 28 шықәса раахыс, ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьаҿы иубарҭоу аиӷьхарақәа ыҟаӡам, ауааԥсыра иахьагьы ирныруеит аибашьра ахьҟьақәа. Апандемиа иадҳәалоу аҿыц проблемақәеи арегион аконтекст аҿы иҟалаз аԥсахрақәеи иаҳдырбоит иҭышәынтәалоу аҭынчра ашьақәыргыларазы аҿыц знеишьақәа рыԥшаара  хымԥада ишырццактәу.

Аганқәа ифундаменталтәу рполитикатә еиҿагыларақәа, хәҭакахьала аимак аҭышәныртәалара аформула, иахьа уажәраанӡагьы ишыҟац иҟоуп. Убри аамҭазы иҟоуп асферақәа, аимак иахҟьаны ауадаҩра иҭагылоу ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны, апрогресс ахьалшо, – ганкахьала, Аԥсны ауааԥсыра, егьи аганахьала, ахҵәацәа. Иара убасгьы, апрогресс акраҵанакуеит иааидкыланы арегион зегьы азы иҭышәынтәалоу аҭынчра аҿиара ашьақәыргылараҿы.

Аимак ахьҭышәынтәалам иахҟьаны, царҭа ахьыҟам аҭагылазаашьаҿы ишасны иҟоу ауаа рҿыхразы, акраҵанакуеит анаҩстәи ашьаҿақәа рынагӡара:

Еиҿагылоу аганқәа рзы иконкреттәу апроблемақәеи урҭ рыӡбашьа амҩақәа рыԥшаареи рзы ацәажәара аиҿкаара алыршара:

  • Апрагматикатә ҵакы змоу азеиԥш интересқәа азгәаҭаны иформалтәыми иформалтәуи аиԥыларақәа ацыхраара рыҭара;
  • Женеватәи адискуссиа иактуалтәу апроблемақәа иахьрылацәажәо акрызҵазкуа ҭыԥк еиԥш иԥхьаӡаны адгылара, иаҳҳәап, аҩганкгьы зықәшаҳаҭу амеханизмқәа рызхәцра, иҟоу аиҿагыларақәа амчратә методқәа рыла рыӡбара мап ацәкра;
  • Женеватәи адискуссиа инаваргыланы егьырҭ еиуеиԥшым аформатқәа рыла аиҿцәажәарақәа рыдгылара, ҩганктәии, арегионалтәии, жәларбжьаратәии нарылаҵаны, аимак иахҟьаны ааха зауз ауаа рҭахрақәа азгәаҭара раԥхьаӡа иргыланы;
  • Аҩганкгьы реиҿцәажәара аформат азы аганқәа рыҩбагьы зықәшаҳаҭу жәларбжьаратәи ацхыраара аԥшаара апроцесс алыршара;

 

 

 

Арегион аҿы аекономикатә  алшарақәа арҿиара

  • Алада-кавказтәи арегони амшынеиқәа атранспорттә коммуникациеи аимадара асистемеи рыҿиареи рыԥкрақәа рамхреи ацхраара;
  • Алада-кавказтәи арегион аҿиаразы жәларбжьаратәи аинвестициа аҟаҵара аџьшьара аҭара, хәҭакахьала Аԥсны аарыхреи, ахәҳаахәҭреи, иара убас аекономика егьырҭ ахәҭақәеи рҿы;
  • Иҭышәынтәалоу аенергетика асистема аҿиаразы, хәҭакахьала иԥсабаратәугьы налаҵаны, аинфраструктура аҟаҵара ацхраара.

Аҩуаажәларрак рҿы иҟоу ашәарақәа реицәатәра иацхраауа аиӷара ариторикеи аусхкқәеи мап рыцәкра

  • аҩуаажәларрак еицырзеиԥшу ринтересқәеи ганкы аҟынтәи егьи аган ахь иҟоу ашәарақәеи, хәҭакахьала, аимак иахҟьаны ӷәӷәала ааха зауз рҿы, реилкаара ацхраара алыршара;
  • еиҿагылоу аганқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы еиуеиԥшы аилкаарақәеи адыррақәеи шыҟоу разгәаҭара;

Аимак ахьҭышәынмтәалам ирыцҳараны изныԥшуа ауаа рзин зыхьчо аполитика ацхраара

  • Қыртәыла иаднакылааит Аԥсны адәныҟатәи адунеи аҿы агуманитартәии аекономикатәии аиҿцаарақәеи, иара убасгьы ауаа рхы иақәиҭны рнеиааиреи, аҵара раиуреи, егьырҭ рзинқәеи ирԥырхагоу, имҩаԥнаго аԥынгылақәа реиҭагәаҭара алзыршаша амҩақәа;
  • Аԥсны иаднакылааит Аԥсны иқәынхо ақырҭуа уааԥсыра рзинқәа рыхьчара ацхраара алзыршауа амҩақәа.

 

Аҭынчреи аҭышәынтәаларатә ҿиареи ирызку аҭыԥантәи аԥшьгамҭақәа жәларбжьаратәи акторцәа активла рыдгылара ацхраара адгылара

  • иалыршазааит жәларбжьаратәи ацхыраара апроцесс еиҿагылоу аганқәа еиуеиԥшым асферақәа рмодернизациа азуразы;
  • Аԥсны адеизолиациа ацхрааразы ааԥхьара рыҭазааит аҭыԥантәии жәларбжьаратәии акторцәа;
  • ирҭбаазааит ирманшәалазааит жәларбжьаратәи акторцәа Аԥсныҟа раара;
  • еиқәыршәазааит амҩақәа жәларбжьартәи акторцәа Аԥсны русуразы иаҳа иеффективу иԥкаам, анеитралтә политикатә знеишьа шьаҭас иаҭаны.

Хыхь еиқәыԥхьаӡоу ашьаҿақәа алыршара ауеит. Урҭ шьаҭас ирымоуп, агәрагара, раԥхьаӡа иргыланы, аконфликт иахҟьаны агәаҟра иҭагылоу ауаа рыԥсҭазаараҿы апозитивтә еиҭакрақәа ралыршара, Аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь инархоу апрагматикатә знеишьақәа, аиҟарамра аҟәыхреи, ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи агәреибагареи акраамҭатәи аҭынчра ашьақәыргылареи аиҿкаара аиқәыршәара иацхраар алшоит. 

Арҭ ажәалагалақәа еиқәдыршәеит иформалтәым ақырҭуа-аԥсуа аиҿцәажәарақәа ирылахәз «Лаимҳаус» аҭыԥ аҿы, анаҩсан урҭ ирықәшаҳаҭхеит Белград ақалақь, сентиабр 20 инаркны 24-нӡа имҩаԥысуаз аиԥылараҿы.

 

 

 

Прочитано 1419 раз

Оставить комментарий

Убедитесь, что вы вводите (*) необходимую информацию, где нужно
HTML-коды запрещены